Апарламент,  ахҧатәи аҧхьарала ишьақәнарҕәҕәеит Атәылахьчара азакәанеидкыла иалагалоу аҧсахрақәа
Апарламент,  ахҧатәи аҧхьарала ишьақәнарҕәҕәеит Атәылахьчара азакәанеидкыла иалагалоу аҧсахрақәа

Қырҭтәыла апарламент,  ахҧатәи аҧхьарала ишьақәнарҕәҕәеит Атәылахьчара азакәанеидкыла иалагалоу аҧсахрақәа.  Аҧсахрақәа ирықәшаҳаҭхеит 81ҩык адепутатцәа.

Азакәан ҿыц инақәыршәаны, хымҧадатәи арратә маҵзурахьы ааҧхьара ахырҧара апҟарақәа иҧсахуп.

Уажәшьҭарнахыс аӡбарҭа ақәҵарала  ааҧхьара аанкылара зыҟалом, насгьы анахарала аҵара –  хымҧадатәи арратә маҵзура ахырҧаразы мзызс изыҟалом. Аҩбатәи аҧхьараан ишырыӡбаз ала, 2024 шықәса ажьырныҳәа 1-нӡа онлаин-астудент истатус зауа ауааҧсыра зыӡбахәы ҳәоу аинициатива рыдкьыслом.

Қырҭтәыла аиҳабыра иаҧшьаргаз азакәанпроект еиқәнаршәеит  Атәылахьчара аминистрра.  Апарламентаҿ азакәанпроект иахәаҧшит ирццаку арежимаҿ. Актәи аҧхьара иацы имҩаҧган, аҩбатәии ахҧатәии – иахьа.