Апарламентаҿ атәыла ахада лимпичмент зымҩаҧымсит  
Апарламентаҿ атәыла ахада лимпичмент зымҩаҧымсит  

Қырҭтәыла апарламент апленартә аилатәараҿы атәыла ахада Саломе Зурабишвили лимпичмент азҵааразы абжьыҭира мҩаҧаган.

Атәыла ахада лимпичмент зымҩаҧымсит, избанзар, аимпичмент азы иаҭахыз абыжьқәа рхыҧхьаӡара рзеизымгеит.

Саломе Зурабишвили ламхра иақәшаҳаҭхеит 86ҩык адепутатцәа, аӡәы мап икит. Абжьыҭира имаӡан. Атәыла ахада лимпичмент азы иаҭахын апарламент аилазаара наӡа аҟынтә ахҧа рыҩба  — 100ҩык адепутатцәа рбыжьқәа. Арегистрациа иахысит  90ҩык адепутатцәа.

Аоппозициа рыхәҭак,  «Амилаҭтә ҵысра» алахәылацәагьы аилатәараҿ иҟамызт.