"Қырҭтәыла аихамҩа" Лондонтәи афондтә биржа аланаҵеит 500 миллион адоллар рыхә аоблигациа  "иаҵәақәа
"Қырҭтәыла аихамҩа" Лондонтәи афондтә биржа аланаҵеит 500 миллион адоллар рыхә аоблигациа  "иаҵәақәа

“Қырҭтәыла аихамҩа” Лондонтәи афондтә биржа аланаҵеит 500 миллион адоллар рыхә аоблигациа  “иаҵәақәа”.  Анаӡынатә ақәҵатә ҩынтә иладырҟәит, уажәазы уи  4% иаҟароуп,  7 шықәса аҿҳәарала.

«Қырҭтәыла аихамҩа» , аҿыц облигациақәа рыла,  2012 шықәса ҧхынгәы азы иҭыжьыз еврооблигациақәа ррефинансыркра мҩаҧнагеит, усҟан арҭ аоблигациақәа  7,75% ақәҵатә рыман.

«Қырҭтәыла аиҳамҩа» аҿы ишаарыцҳаз ала, аинвесторцәа абри атранзакциа даараӡа иазҿлымҳахеит.

«Азиатәи аҿиара абанк» (АБР) ахаҭарнак  Шеин Розенталь ишиҳәаз ала,  зыӡбахәы ҳәоу абанк ари апроект апартниорцәеи аинвесторцәеи иреиуп.

«Уи Қырҭтәыла иалаҳҵо,   атранспорттә корридор Мрыгылара – Мраҭашәара иалаҳҵо аинвестициа хәҭак ауп.  Абри апроект атәыла аиҳабыреи ҳбанки рстратегиақәа рҿы крызҵазкәа аҭыҧ ааннакылоит», — иҳәеит   Шеин Розенталь.