Қырҭтәыла аихамҩа адиректор хадеи аихамҩатә администрациақәа рнапхгаҩцәеи Анкара абжьаратә коридор азҵаара иахәаԥшит
Қырҭтәыла аихамҩа адиректор хадеи аихамҩатә администрациақәа рнапхгаҩцәеи Анкара абжьаратә коридор азҵаара иахәаԥшит

Қырҭтәыла аихамҩа аделегациеи адиректор хада Давид Ԥераӡеи рхы аладырхәит транскаспиатәи жәларбжьаратәи атранзиттә маршрут Middle Corridor  аусуратә аиԥылара. Ари атәы аарыцҳаит “Қырҭтәыла аихамҩа” аҟынтә.

“Аиԥылара рхы аладырхәит Ҭырқәтәылеи, Казахстан, Азербаиџьан аихамҩатәи амшынтәи/аӷбатәи аилахәырақәа рнапхгаҩцәа. Ҭырқәтәылатәи Ареспублика Атранспорти аинфраструктуреи рминиатр Адил Караисмаилоӷлу иажәақәа рыла, адунеи аҟны ишьақәгылаз агеополитикатә ҭагылазаашьа иахҟьаны,Китаи Европеи рыбжьара абжьаратә коридор аԥҵара аҭахуп. Аминистр транскаспиатәи жәларбжьаратәи атранзиттә маршрут (TMTM) иалоу атәылақәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит акоординациатә усура нарыгӡарц”, – иануп аинформациа аҿы.

Аилацәажәарақәа рышьҭахь аганқәа 2022 шықәса ауснагӡатә план шьақәдырӷәӷәеит.