Мшаҧы  30 инаркны адәыҕбақәа зегьы Копитнари аангылоит  
Мшаҧы  30 инаркны адәыҕбақәа зегьы Копитнари аангылоит  

Мшаҧы  30 инаркны  «Қырҭтәыла аихамҩа» апассаџьыртә адәыҕбақәа даҽа аангыларҭак рзацлоит.

«Қырҭтәыла аихамҩа» аинформациа инақәыршәаны,  ирҿыцу аихамҩатә вокзал  Қәҭешьтәи аҳаирбаҕәазеи Копитнарии  еиднаҳәалоит.

«Қәҭешьтәи аҳаирбаҕәазантә Копитнари астанцианӡа анеиразы апассаџьырцәа 5 минуҭк рҭаххоит. Астанциа ҿыц ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьшәаланы еиҿкаауп», — иануп аинформациаҿы.