Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра есышықәсатәи  «Ацҳаражәҳәаҩцәа рконференциа»  онлаин арежимла имҩаҧысуеит  ҧхынҷкәын  21-23 рзы
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра есышықәсатәи  «Ацҳаражәҳәаҩцәа рконференциа»  онлаин арежимла имҩаҧысуеит  ҧхынҷкәын  21-23 рзы

Аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәа рнапхгаҩцәа есышықәсатәи рконференциа  «Ацҳаражәҳәаҩцәа рконференциа 2020 — Аглобалтә пандемиа аан Қырҭтәыла адәныҟатәи аполитика априоритетқәеи , аҿыц аҳасабтәқәеи алшарақәеи»  аонлаин-режим аҿы имҩаҧысуеит ҧхынҷкәын  21-23 рзы.

«Аконференциа аан уи алахәылацәа   2020 шықәсазы адәныҟатәи аполитика аусхкы аҿы имҩаҧгаоу аусура аихшьаала азуны,  2021 шықәсазы аплан иалацәажәоит», — иануп Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.