Қырҭтәыла ачемпионат аҿы раҧхьаӡа акәны – аматч рыӡбоит  аҳәса-аӡбаҩцәа рбригада
Қырҭтәыла ачемпионат аҿы раҧхьаӡа акәны – аматч рыӡбоит  аҳәса-аӡбаҩцәа рбригада

 

Амилаҭтә лига  18-тәи атур аҵыхәтәантәи аматч –  «Сабурталои» и «Самтредиеи» реиҧылара ҷыдарак амазаауеит  —  Қырҭтәыла ачемпионат аҭоурых аҿы раҧхьаӡа акәны аматч рыӡбоит аҳәса-аӡбаҩцәа рбригада.

Амилаҭтә лига аофициалтә саит ишану ала, аӡбаҩ хадас дҟалоит Хаҭуна Маисураӡе. Лара илыцхраауеит  Кеҭеван Гаҧриндашвилии Софо Рижамаӡеи. Аҧшьбатәи аӡбаҩс дыҟазаауеит Вика Сахуриа.