Ника Гварамиа – Ҳара иҳамоу аинформациа ала, дара аилаҩеисра еиҿкааны, Саакашвили дыршьыр рҭахуп
Ника Гварамиа – Ҳара иҳамоу аинформациа ала, дара аилаҩеисра еиҿкааны, Саакашвили дыршьыр рҭахуп

Ника Гварамиа – Ҳара иҳамоу аинформациа ала, дара аилаҩеисра еиҿкааны, Саакашвили дыршьыр рҭахуп

 

«Абахҭатә хәышәтәырҭаҿы ашәарҭадара еиқәыршәам. Дара аилаҩеисра еиҿкааны,  Саакашвили ишьра ргәы иҭоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили идукат Ника Гварамиа.

Иара иажәақәа рыла, уажәазы Саакашвили агәы ачымазара ауп зегьы раасҭа дзыргәамҵуа.

«Ахәыштәырҭаҿы еиуеиҧшым аҳақьымцәа иҟоуп, аха Саакашвили амедицинатә маҵзура наӡа иоурц азыҳәан уи иазхом. Иара апрофильрацәатә клиникашҟа диагатәуп. Сааҭқәак рыҩнуҵҟа абри азҵаара ӡбазароуп, », — иҳәеит Гварамиа.

Гварамиа Жәлар рыхьчаҩи агәабзиарахьчара аминистри рахь ааҧхьара ҟаиҵеит. Иара иажәақәа рыла, Саакашвили ахәышәтәырҭашҟа ииагара азҵаара ӡбазароуп иара ихатә ҳақьыми идукатцәеи рҽалархәрала, избанзар ари азҵаара агәабзиарахьчара мацара  акәӡам изыдҳәалоу.