Мамука Хазараӡеи Бадри Џьаҧариӡеи Келли Дегнани Карл Ҳарцели ирҧылеит
Мамука Хазараӡеи Бадри Џьаҧариӡеи Келли Дегнани Карл Ҳарцели ирҧылеит

Апартиа «Лело» алидерцәа  Мамука Хазараӡеи Бадри Џьаҧариӡеи Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнани  Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцели ирҧылеит.

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакраҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы Европа Ахеилак ахада Шарль Мишель еиқәиршәаз адокумент иалацәажәеит.

Хазараӡе ишиҳәаз ала, 3 пункт рзы апартиа  «Лело» апозициа рыҧсахуам, дара абарҭ апунктқәа ишрықәшаҳаҭу шьақәдырҕәҕәеит, егьырҭ 2 пункт рзы адискуссиақәа нарыгӡоит.

Бадри Џьаҧариӡе иажәақәа рыла,  дара есымчыбжьы ацҳаражәҳәаҩцәа ирҧылоит, атәылаҿы аҭагылазаашьа иалацәажәоит. Уажәазы апартниорцәа рҟынтә аҿыц ажәалагалақәа иҟамызт, аха, зегьы реиҳа ихадоу, лабҿаба иубарҭоуп Европагьы Америкагьы Қырҭтәыла рыхшыҩ шазыршьҭуа.

Иахьа Евроеидгыла ахаҭарнакраҿы дыҟан Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Арчил Талакваӡе, аха иара аофис данҭыҵуаз ажурналистцәа дырмацәажәеит.