Каха Калаӡе  - Атәылаҿы аполитикатә кризис иҟам,  "Амилаҭтә ҵысра" аҟны ауп акризис ахьыҟоу
Каха Калаӡе  - Атәылаҿы аполитикатә кризис иҟам,  "Амилаҭтә ҵысра" аҟны ауп акризис ахьыҟоу

«Атәылаҿы аполитикатә кризис иҟам, “Амилаҭтә ҵысра” ақны ауп акризис ахьыҟоу», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе иахьа ажурналистцәа рызҵаара аҭак аныҟаиҵоз. Ажурналистцәа Калаӡе иазҵааит Михаил Саакашвили абахҭантә аепархиашҟа ииагара иазкны амитрополит Николоз Пачуашвили иҟаиҵаз ажәалагала атәылаҿы иҟоу аполитикатә кризис аҭыҧқәҵара иацхраауама ҳәа.

Калаӡе ишиҳәаз ала,  Саакашвили, егьырҭ абаандаҩцәа реиҧшҵәҟьа, абахҭа дҭакызаауеит.

«Михаил Саакашвили аконкреттә ацәгьаурақәа рзы азыӡба иқәырҵеит, иара егьырҭ абаандаҩцәа реиҧшҵәҟьа абахҭа дҭакызаауеит», — иҳәеит  Каха Калаӡе.