Џьо Баиден Иракли Ҕарибашвилии ақырҭуа жәлари Қырҭтәыла ахьыҧшымра амш рыдиныҳәалеит
Џьо Баиден Иракли Ҕарибашвилии ақырҭуа жәлари Қырҭтәыла ахьыҧшымра амш рыдиныҳәалеит

Америка ахада Џьо Баиден Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла ахьыҧшымра амш идиныҳәалеит.

Џьозеф Баиден идныҳәаларатә шәҟәы аҟны ишазгәаҭоу ала, Америка, ҳаҧхьаҟагьы ақырҭуа жәлар ирыдгылоит адемократиатәи аекономикатәи аҿиара апроцесс аҿы.
 „Ҳаҭыр зқәу Аҧыза-министр! Америка жәлар рыхьӡала, ақырҭуа жәлар ахьыҧшымра амш рыдысныҳәалар сҭахуп, лаҵара 26 рзы анасыҧи агәабзиареи шәзеиҕьасшьоит.
Ишәызгәыку апартниор иҳасабала, Америка, ҳаҧхьаҟагьы, ақырҭуа жәлар ирыдгылоит адемократиатәи аекономикатәи аҿиара апроцесс аҿы, уи ала иазҧхьагәаҭоуп ихьыҧшым аӡбареи аинклиузивтә демократиатә процессқәа рырҕәҕәареи. Ҳара ақырҭуа жәлар ҳрыдгылоит акоронавирус иахылҵыз аекономикатә проблемақәа рыӡбараҿы.
Ақырҭуа милаҭ рхьыҧшымра азгәаҭара аныҳәатә рыцхә мацара акәӡам. Уи аҭоурыхи ахадаратә принципқәеи даҽазнык ҳаҭыр рықәҵара алшара ҳазҭо мшуп, уи шәмилаҭә ршьа иалоуп. Абри арыцхә аҧеиҧш азхәыцра алшара ҳнаҭоит. Қырҭтәыла алидерцәеи ақырҭуа жәлари  шәтәыла ахьыҧшымра арҕәҕәареи евроатлантикатә интеграциа апроцесси аҿы ҧхьаҟацара шәаназхәыцуа, ишәхашәмыршҭын Иеиду Америкатә Штатқәа ишшәыдгыло. Ҳара акы иацәымшәо ақырҭуа аруаа ҳраҭабууп, избанзар, дара, Афганистан аҵакырадгьыл аҿы, Аҩадаатлантикатә алианс апрограммақәа рҿы, ҳаибашьцәа ирывагыланы иқәҧоит, ҳара, ҳаҧхьаҟагьы, Қырҭтәыла ҳадгылоит Алианс алалара апроцесс аҿы.

Иара убас, аҳәаанырцә аҟынтәгьы Қырҭтәыла иазцәырҵуа апроблемақәа аҵакы ду шрымоу иазхаҳҵоит. Атәыла урҭ рҭыҧқәҵара нанагӡоит.  Иахьа сара, аурыс ампыҵахалараҿы, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи инхо ауааҧсыра срызхәыцуеит. Америка Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҵакырадгьылтә акзаареи ҕәҕәала иадгылоит. Ахьыҧшымра амш инамаданы, хаҭала шәареи ақырҭуа жәлари абзиара шәзеиҕьасшьоит”- иануп Џьозеф Баиден идныҳәаларатә шәҟәы аҟны.