Гьаргь Гахариа абизнес ахаҭарнакцәа дырҧылоит
Гьаргь Гахариа абизнес ахаҭарнакцәа дырҧылоит

Аҧыза-министр иинициативала, ,аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы абизнес ахаҭарнакцәа рҟны аиҧылара мҩаҧысуеит. Аиҧылара иалагаанӡа абизнес ахаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, аиҧылараҿы излацәажәо азҵаарақәа макьана идырым, аха, дара аекономика аартра наӡеи акоменданттә сааҭ аҿҳәара армаҷреи иаҳәоит. Иара убас, абизнесгьы авакцинациа апроцесс иалахәызар рҭахуп.

«Аисираи»  ахылаҧшратә хеилак ахантәаҩы Каха Азараӡе ишиҳәаз ала,  акоменданттә сааҭ  00:00 ашьҭахь иаалагароуп, убри ауп дара рзы зегьы реиҳа ихадоу.