Ентони Блинкен - Қырҭтәыла Аиҳабыра иҭабуп ҳәа раҳҳәоит абжьаҟазаҩ ироль зеиԥшҟамлац ала ибзиаӡаны анагӡаразы
ЕАШ Шәамахьтәыла 15-ҩык атәылауаа рхақәиҭтәра иадгылоит , – Твиттер аҿы иҩит ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен.
“Қырҭтәыла Аиҳабыра иҭабуп ҳәа раҳҳәоит абжьаҟазаҩ ироль зеиԥшҟамлац ала ибзиаӡаны анагӡаразы.
Абри еиԥш ашьаҿақәа ауааԥсыра иҭынчу аԥеиԥш азааигәахараҿ ирыцхраауеит,” – иануп аҳәамҭа аҿы.
Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иактивтә фасилитациеи Европеи Евразиеи рызҵаарақәа рзы ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Филипп Рикери иҽалархәреи рыла, аимак аан Азербаиџьантәи аган иааныркылаз Шәамахьтәыла 15-ҩык атәылауаа ихақәиҭыртәит, урҭ Қырҭтәыла атерриториала рҭаацәарақәа рахь ихынҳәуеит.