Давиҭ Залкалиани  - Европа Ахеилак аминистрцәа ркабинет аилатәараҿы зеиҧшҟамлац аӡбара рыдыркылеит, раҧхьаӡа акәны анагӡаратә аҩаӡараҟны атермин «ампыҵахалара» азгәаҭан
Давиҭ Залкалиани  - Европа Ахеилак аминистрцәа ркабинет аилатәараҿы зеиҧшҟамлац аӡбара рыдыркылеит, раҧхьаӡа акәны анагӡаратә аҩаӡараҟны атермин «ампыҵахалара» азгәаҭан

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани иҳәамҭала, Европа Ахеилак аминистрцәа ркомитет аилатәараҿы зеиҧшҟамлац аӡбара рыдыркылеит, убри ала, Урыстәыла, Қырҭтәылатәи арегионқәа ирхылаҧшуа атәыла ҳасабала,  аҭакҧхықәра наӡа адырҵеит Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ихьанҭаӡоу аҭагылазаашьазы.

Давиҭ Залкалиани ишиҳәаз ала,  аминистрцәа ркомитет алахәылацәа Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵеит  аус  «Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы» азы Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбара иаднакылаз ақәҵара нарыгӡарц.

Иара убас, аминистр ишазгәеиҭаз ала, адокумент аҿы акомитет алахәылацәа  ргәынамӡара аадырҧшит ампыҵахалатә мчқәа рыла Заза Гахелаӡе закәандарала 12 шықәса аҭакра иқәҵара иадҳәаланы.

Залкалиани иҳәамҭала, аминистрцәа ркомитет алахәылацәа Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵеит Заза Гахелаӡеи закәандарала иаанкылоу егьырҭ атәылауааи зыҧшра ҟамҵакәа рхақәиҭтәразы.

«Хымҧада иазгәаҭатәуп аминистрцәа ркомитет аилатәараҿы зеиҧшҟамлац аӡбара шрыдыркылаз, избанзар,  раҧхьаӡа акәны, жәларбжьаратәи аиҿкаара аҳәаақәа ирҭагӡаны,  иазгәаҭан зҵакы дуу атермин  «ампыҵахалара».

Зыӡбахәы ҳәоу аӡбараҿы крызҵазкәа даҽа елементкгьы иҟоуп.  Аминистрцәа ркомитет алахәылацәа  Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵеит зыҧшра ҟамҵакәа аиасратә пунктқәа зегьы аартны, ауаа рхы иақәиҭны аиҭаҵра алшара рырҭарц. Иара убас, адокумент аҿы асиа  «Оҭхозория –Татунашвили» аҵакы иазгәаҭоуп, — иҳәеит Давиҭ Залкалиани.