Бриусель Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рыбжьара ашәарҭадаратә зҵаарақәа рзы зыҩаӡара ҳараку астратегиатә диалог аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥшьбатәи аиԥылара мҩаԥган
Бриусель Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рыбжьара ашәарҭадаратә зҵаарақәа рзы зыҩаӡара ҳараку астратегиатә диалог аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥшьбатәи аиԥылара мҩаԥган

Бриусель Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рыбжьара ашәарҭадаратә зҵаарақәа рзы зыҩаӡара ҳараку астратегиатә диалог аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥшьбатәи аиԥылара мҩаԥган. Аиԥылараҿ шьақәырӷәӷәан аҩганк , Қырҭтәылеи Евроеидгылеи адәныҟатәи политикеи ашәарҭадаратә зҵаарақәа рырҭбаареи аус аганахьала аинтерес шрымоу.

Аиԥылара алахәылацәа ирыхәаԥҽит Аԥсни Цхинвали/Аахыҵ Уаԥстәыла арегионқәа рҿы иҟоу аимак адинамика, Урыстәыла ахымҩаԥгашьа иадҳәалоу аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭыԥ аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа. Иазгәаҭан Евроеидгыла абжьаҟазарала 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы ибжьаҵаз ахымца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭра аҵак ду шамоу.

Аҩганк даҽазнык иазгәарҭеит Евроеидгыла анаԥшратә миссиа ароль хада шамоу Қырҭтәыла аҭынчреи ашәарҭадареи рыхьчара аус аҿы. Евроеидгыла даҽазнык шьақәнарӷәӷәеит Қырҭтәыла асуверенитети атериториатә акзаареи шрыдгыло.

Иара убас аганқәа ирыхәаԥшит адәныҟатәи апрлитика аусхәаԥштә иалоу азҵаара хадақәа – Аахыҵ Кавкази арегионқәеи рҿы ашәарҭадара аганахьала иҟоу ауадаҩрақәа. Евроеидгыла ақырҭуа ган иҭабуп ҳәа азаанацҳаит иаку атәылахтчаратәи ашәарҭадаратәи политика аҳәаақәа ирҭагӡаны Агәҭанытәи Африкатәи ареспубликеи Мали Евроеидгыла акризисқәа рхылаԥшра амиссиақәа рҿы Қырҭтәыла аҽалархәра азы.