Ажьырныҳәа 4 рзы апарламент аҿы аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа адепутаттә зинмчы аанкылара азҵаара иахәаԥшуеит
Ажьырныҳәа 4 рзы апарламент аҿы аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа адепутаттә зинмчы аанкылара азҵаара иахәаԥшуеит

Ажьырныҳәа 4 рзы апарламент аҿы аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа адепутаттә зинмчы аанкылара азҵаара иахәаԥшуеит. Ажьырныҳәа 4 рзы имҩаԥысран иҟоуп «Апроцедуратә зҵаарақәа ркомитет» еилатәара. Еилатәараҿ «Апатриотцәа ралианс» алахәылацәа ражәалагала иахәаԥшуеит.

Амш аусхәуԥштә аҿы ишазгәаҭоу ала, акомитет аҿы Ирма Инашвилии, Гиорги Ломаиеи, Гоча Ҭевдораӡеи апарламент алахәылацәа рзинмчы аҿҳәаранӡа аанкылара азҵаара иахәаԥшуеит. Азҵааразы ажәахәҟаҵаҩ иоуп акомитет ахантәаҩы Иракли Қадагишвили.

Арҭ ахаҿқәа азакәанԥҵаратә еиҿкаара иадҵаалеит адепутатә зинмчы аҿәаранӡа аанкылара иадҳәаланы. Урҭ реиԥш егьырҭ апартиақәагьы апарламент иадҵаалеит рзинмчы аанкылара иадҳәаланы.