Апарламент аҿы Бадри Џьаԥариӡеи, Елене Хоштариеи, Шьалуа Наҭлашвилии рдепутаттә зинмчы аанкылара азҵаара жәабран 1 азы, апленартә аилатәараҿ иахцәажәоит
Апарламент аҿы Бадри Џьаԥариӡеи, Елене Хоштариеи, Шьалуа Наҭлашвилии рдепутаттә зинмчы аанкылара азҵаара жәабран 1 азы, апленартә аилатәараҿ иахцәажәоит

Апарламент аҿы Бадри Џьаԥариӡеи, Елене Хоштариеи, Шьалуа Наҭлашвилии рдепутаттә зинмчы аанкылара азҵаара жәабран 1 азы, апленартә аилатәараҿ иахцәажәоит.

Хҩык адепутатцәа ирызку азҵаара ажьырныҳәа 31 рзы, апроцедцратә зҵаарақәа ркомитет аилатәараҿ иахәаԥшуеит.

Акомитет ари азҵаара ахәаԥшра ашьҭахь апленартә аилатәара аҳасабырба аднагалоит.

Елене Хоштариеи Шьалуа Наҭелашввили рдепутаттә зинмчы аанкылара шьаҭас амоуп аконституциатә нҵамҭа – апарламент алахәыла асессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны аилатәарақәа рахь данымнеиуа, изинмчы аанкылахоит.

Елене Хоштариеи Шьалуа Наҭелашвилии ажәабатәи ааԥхьара апарламент апленарт сессиақәа рахь зныкгьы имнеиӡацт. Бадри Џьаԥариӡе идепутаттә зинмчы аанкылара ашьаҭа -аӡбарҭа аднакылаз аӡбароуп.