Аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа апротесттә ныҟәара мҩаҧыргоит
Аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа апротесттә ныҟәара мҩаҧыргоит

 

„Аныҟәара ахақәиҭразы“, – абри алозунг ала, аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа апротесттә ныҟәара мҩаҧыргоит.

Еиуеиҧшым аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҿы еизан, апарламент ахыбрашҟа идәықәлеит.

Акциа алахәылацәа ишырҳәаз ала,  иахьа ауаажәлар ашьҭымҭа рзыҟарҵар рҭахуп –  „Ахақәиҭра Ника Мелиа изы“, иара убас,  дара изаамҭаным алхрақәа рымҩаҧгарагьы иаҳәоит.