Қарҭ апротесттә ныҟәара мҩаҧысуеит
Қарҭ апротесттә ныҟәара мҩаҧысуеит

Қарҭ апротесттә ныҟәара мҩаҧысуеит. Акциа алахәылацәа Ахақәиҭра ашҭеи Деда Ена абаҳчеи рҿы еизеит.

Аныҟәара алахәылацәа ишырҳәаз ала, дара «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан аҿагылратә акциақәа раан иаанкылаз ауаа зегьы зыҧшра ҟамҵакәа рхақәиҭтәра иаҳәоит. Аныҟәара хыркәшахоит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбра аҧхьа.