Ауаажәларратә дырраҭареи Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университети амеморандум рыбжьарҵеит
Ауаажәларратә дырраҭареи Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университети амеморандум рыбжьарҵеит

Ауаажәларратә дырраҭареи Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университети аусеицура иазку амеморандум рыбжьарҵеит. Амеморандум анапаҵаҩра ацеремониа мҩаҧган Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҿы.

Амеморандум инақәыршәаны, Қырҭтәыла Актәи аканали Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет асоциалтәи аполитикатәи ҵарадыррақәа рфакультети аусеицура рыбжьазаауеит зквалификациа ҳараку ателе-радиоспециалистцәа разыҟаҵареи азанааҭтә аҵара аиҕьтәреи ахырхарҭала.

«Ҳара Иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа аус рыцура ҳгәы иҭоуп. Иахьа Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университети ҳареи амеморандум ҳабжьаҳҵеит. Хара имгакәа, астудентцәа алшара дуқәа рыдаагалоит АИХ аусхкы аҿы еиуеиҧшым жәларбжьаратәи атренингқәа рылахәызааразы», — илҳәеит Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинатин Берӡнишвили.

Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аректор Гьаргь Шервашиӡе ишиҳәаз ала, апрактика ашьаҭала имҩаҧгахо аҵаратә процесс алҵшәа бзиа ахылҵуеит.

«Ауниверситет астудентцәа Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы рквалификациа еиҕьартәыр рылшоит, рзанааҭ иаҳа иазааигәахоит, жәларбжьаратәи асеминарқәеи атренингқәеи ирылахәызаауеит», — иҳәеит Гьаргь Шервашиӡе.