«Ақырҭуа гәахәтәы» - Ирҿыцу адокумент ахцәажәара ҳазыхмоуп, анапаҵаҩра ашьҭахь уи уаҳа иԥсаххом
«Ақырҭуа гәахәтәы» - Ирҿыцу адокумент ахцәажәара ҳазыхмоуп, анапаҵаҩра ашьҭахь уи уаҳа иԥсаххом

Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» аҳәамҭа инақәыршәаны, урҭ Евроеидгыла аегидала иаԥҵаз раԥхьаӡатәи адокумент анапы аҵарҩит, ирҿыцу адокумент ахцәажәарагьы иазыхиоуп.

Аха, апартиа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, ари зегьы иазыԥхьагәаҭаны, ирҿыцу адокумент анапаҵаҩра ашьҭахь уи уаҳа иԥсаххом.

«Ҳара Евроеидгыла аегидала иаԥҵаз раԥхьаӡатәи адокумент анапы аҵааҩит, ирҿыцу адокумент ахцәажәарагьы ҳазыхиоуп, аха ирҿыцу адокумент анапаҵаҩра ашьҭахь уи уаҳа иԥсаххом. Ҳара ҳпозициа ааҳарԥшит, уажәы аоппозициаа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит аҭакхыԥхықәу аӡбара рыдыркыларц,» – иануп аҳәамҭа аҿы.

Иацы Шарль Мишель апартиақәа ажәалагала ҿыц рыдигалеит. Адокумент ҿыц инақәыршәаны, аҭыҧантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа рҿы  анапхгаратә партиа  апропорциатә сиақәа рыла 43% еиҵны ироур,  2022 шықәсазы изаамҭаным апарламенттә алхрақәа мҩаҧгахоит.