«Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа апарламент ахыбра аҧхьа еиҿыркаауа ажәларзегьтәи аизара ихы алаирхәоит Биӡина Иванишвили
 «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа апарламент ахыбра аҧхьа еиҿыркаауа ажәларзегьтәи аизара ихы алаирхәоит Биӡина Иванишвили

«Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа апарламент ахыбра аҧхьа еиҿыркаауа ажәларзегьтәи аизара ихы алаирхәоит Биӡина Иванишвили.

Ари атәы ааицҳаит апарламенттә аиҳара алидер  Мамука Мдинараӡе.

«Ҳаҭыр зқәу Биӡина хымҧада акциашҟа днеиуеит, иара ус иҭахуп. Иара акциа ихы алаирхәоит», — иҳәеит  Мамука Мдинарадзе.

Мдинараӡе ауааҧсыра зегьы рахь ааҧхьара ҟаиҵеит акциа алахәылацәа пату рықәырҵарц.

«Агәра ганы сыҟоуп акциа ду шымҩаҧысуа.  Ауааҧсыра зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит акциа алахәылацәа пату рықәырҵарц. Зқьҩыла ауааҧсыра ашәҟәқәа ҳзырыҩуеит, акциа мҩаҧаагарц иҳаҳәоит, ҳшырацәоу, иҳалшо аадырҧшыр рҭахуп. Ҳара,  «Ақырҭуа гәахәтәы» еиҿаҳкаауа акциахь инеир рылшоит изҭаху ауааҧсыра зегьы. Аартызаара урыстәылатәи шакәым аазырҧшыр зҭаху ауаа зегьы акциашҟа инеир рылшоит. Аартызаара азҿлымҳара иаанагом уара Урыстәыла уазҿлымҳауп ҳәа», — иҳәеит  Мамука Мдинараӡе.