Апарламент аҿы Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы иҭыԥ азы акандидатцәа рыхцәажәара иалагоит
Апарламент аҿы Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы иҭыԥ азы акандидатцәа рыхцәажәара иалагоит

Апарламент аҿы Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы иҭыԥ азы акандидатцәа рыхцәажәара иалагоит. Апрезидент апарламент адылгалеит ԥшьҩык акандидатцәа. Урҭ рҟынтә ҩыџьа иахьа аиуристтә зҵаарақәа ркомитет аҿы иқәгылоит.

Акандидатцәа  – Гиорги Каландаришвилии Гиорги Сатуриании Ацентртә алхратә комиссиа аусуҩцәа роуп. Аоппозициатә партиақәа абри афакт иадҳәаланы ауп агәрамгара изырзаадырԥшуа.

Анапхгараҭаратә гәыԥ аҿы ишырҳәо ала, алхраә конкурс иаартны иобиективны мҩаԥысуеит ҳәаю “Ақырҭуа гәахәтәы” алахәылацәа ражәақәа рыла, аиҿцәажәара апроцесс Қырҭтәыла апарламент аҿы иаартны мҩаԥгахоит.