Апарламент аҿы аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура 2020 шықәсатәи аусзура аҳасабырба цәыргахоит
Апарламент аҿы аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура 2020 шықәсатәи аусзура аҳасабырба цәыргахоит

Апарламент аҿы аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура 2020 шықәсатәи аусзура аҳасабырба цәыргахоит. Адокумент атәылахьчареи ашәарҭадареи, аиуристтә зҵаарақәеи, ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчареи атәылуаҩратә интеграциа акомитетқәа еицымҩаԥырго еилатәараҿ цәыригоит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алеқси Батиашвили.

Атәылахьчареи ашәарҭадареи ркомитет ахантәаҩы Иракли Бераиа иажәқәа рыла, аҳасабырба инақәыршәаны, атәыла амилаҭтә шәарҭадараҿ ихадароу проблеманы иаанхоит аурыс ампыҵахалареи уи иахылҵуа закәаным абордеризациеи атәылауаа иазкәаным раанкылареи.

Адокумент ианылеит аконвенциатәи агибридтә шәарҭақәеи. Иракли Бераиа ишааицҳаз ала, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусзура ахәшьара ҳарак аиҭоит, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аегзистенциатә уажаҩрақәа рыҿагылара аус аҿы ԥхьаҟа ашьаҿа дуқәа ҟанаҵеит.