Андриус Кубилиус  -  Аоппозициаа рыла апарламент абоикот азура  - илахьеиқәҵагоу хҭысуп, аха ус шыҟалоз аадыруан
Андриус Кубилиус  -  Аоппозициаа рыла апарламент абоикот азура  - илахьеиқәҵагоу хҭысуп, аха ус шыҟалоз аадыруан

 

 

Европарламент адепутат Андриус Кубилиус ишиҳәаз ала, аоппозициаа рыла апарламент абоикот азура илахьеиқәҵагоу хҭысуп. Иара ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз. .

«Аоппозициаа рыла апарламент абоикот азура  – илахьеиқәҵагоу хҭысуп, аха ус шыҟалоз аадыруан.  Адиалог нагӡахап ҳәа сгәыҕуеит.  Анапхгарагьы аоппозициагьы Қырҭтәыла аҧеиҧш азы аҭак шрыҧхықәу еилыркаауеит  ҳәа ҳгәыҕуеит, избанзар уажәы атәыла крызҵазкәа аетап иҭагылоуп. Ганкахьала, Кавказ аҿы апроблемақәа рацәоуп   — Шәамахьтәыла, Ашьхатә Ҟарабах. Егьи аганахьала  —  ари арегион аҿы зхаҭарнакра иазҳаз Урыстәыла.  Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы Қырҭтәыла даҽазнык ишьақәнарҕәҕәароуп дара ишреиҧшым. Аамҭакала, мраҭашәарантә аҳәамҭақәа ҳаҳауеит НАТОи Евроеидгылеи рышҟа   Қырҭтәыла аинтеграциа ахырхарҭала иаҳа ирацәаны ишыҟаҵатәу.  Қырҭтәыла иахәҭоу апарламент ахьамам амшала абри алшара ахархәара алымшар, уи даараӡа ицәгьахоит. Абри ауп ҳара ҳзыргәамҵуа», — иҳәеит Кубилиус.