«Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, аполитхеилак иахьатәи аилатәараҿы акадртә ҧсахрақәа ирылацәажәоит
 «Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, аполитхеилак иахьатәи аилатәараҿы акадртә ҧсахрақәа ирылацәажәоит

«Амилаҭтә ҵысра» аофис аҿы аполитхеилак аилатәара мҩаҧысуеит.  Апартиа алахәылацәа ишырҳәаз ала,  иахьатәи аилатәараҿы рполитикатә ақәҧара апланқәеи апартиа аиҭаиҿкаареи иалацәажәоит.

«Иарбанызаалак алхрақәа рышьҭахь аполитхеилак ааҧхьареи, имҩаҧгаз аусура алацәажәареи, анеҩстәи апланқәа рҳәаақәҵареи – абжьааҧнытә процессуп.  Ишаҧу ала, алхрақәа рышьҭахь апартиа аҩнуҵҟа аиҭакрақәа мҩаҧысуеит. Иахьатәи аилатәараҿгьы акадртә ҧсахрақәа ҳрылацәажәоит, уи уамашәа иубаратәы иҟам», — илҳәеит Ана Цитлиӡе.