Жәыргьыҭтәи Сакребуло афракциа "Амилаҭтә ҵысра" 14-ҩык иалҵит
Жәыргьыҭтәи Сакребуло афракциа "Амилаҭтә ҵысра" 14-ҩык иалҵит

Жәыргьыҭтәи амуниципалитет Сакребуло афракциа “Амилаҭтә ҵысра” 14-ҩык иалҵит, – абрифинг аҿы аалыцҳаит афракциа “Амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы Маиа Каландиа.

Абрифинг рхы аладырхәит апартиа иалҵыз Сакребуло алахәылацәа. Апартиа иалҵит Сакребуло афракциа аппарат аусуҩцәагьы.

Маиа Каландиа лажәақәа рыла, аппарат аҿы идемократиам адемократиа иашьашәалам анапхгараҭара шьақәгылеит, убри азоуп абри аӡбара изрыдыркылаз. Апартиа аанрыжьит Сакребуло ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, акомиссиақәа рхантәаҩцәа, афракциа ахантәаҩы.

Жәыргьыҭтәи амуниципалитет Сакребуло афракциа “Амилаҭтә ҵысра” 22-ҩык иалан.