Америка ацҳаражәҳәара  "ТВ Пирвели" иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит
Америка ацҳаражәҳәара  "ТВ Пирвели" иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит

Америка ацҳаражәҳәара  “ТВ Пирвели” иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.

Аҳәамҭа ишану ала,  аусеилыргара аан аҧыжәара рымазароуп азакәан аиҳаӡареи АИХ ахақәиҭреи апринципқәа, ажурналистцәа дара рхыҵхырҭақәа рыхьчара азин рымазароуп.

««ТВ Пирвели» иадҳәаланы имҩаҧысуа ахҭысқәа ҳахшыҩ азышьҭны ҳрыцклаҧшуеит, лымкаала,   азинхьчаратә органқәеи амедиа ахаҭарнакцәеи реизыҟазаашьақәа роуп ҳазлацәажәо.  Аусеилыргара аан аҧыжәара рымазароуп азакәан аиҳаӡареи АИХ ахақәиҭреи апринципқәа, ажурналистцәа дара рхыҵхырҭақәа рыхьчара азин рымазароуп. Маӡала анҵамҭақәа рыҟаҵареи, иара убас, ақәмақарреи ашьҭазаареи закәаным, арҭ афактқәа еилыргатәуп азакәан инақәыршәаны.  Ҳара аганқәа зегьы ирыбжьаагоит  азанааҭдырреи аҽаанкылареи аадырҧшырц.  Аӡбаратә система ииашаны аус ауроуп, ганк ирыдгылар ҟалом. Аполитикатә хықәкқәа рзы аӡбаратә система ахархәара ҟалом», — иануп ацҳаражәҳәара аҳәамҭаҿы.