Аконституциатә ҧсахрақәа рпроект ҿыц ала иазҧхьагәаҭоуп алхратә бариер 3 наӡынанӡа  аларҟәра
Аконституциатә ҧсахрақәа рпроект ҿыц ала иазҧхьагәаҭоуп алхратә бариер 3 наӡынанӡа  аларҟәра

Алхратә бариер аларҟәра иазку аконституциатә ҧсахрақәа рпроект ҿыц имазеиуп.

Апроект цәырыргоит иааиуа амшқәа рзы. Адокумент инақәыршәаны, алхратә бариер 5 наӡынак рҟынтә 3 наӡынак рҟынӡа иладырҟәоит.

Аконституциатә ҧсахрақәа рықәыргыларазы  76ҩык адепутатцәа рбыжьқәа аҭахуп, аха, аҧсахрақәа рыдкыларазы адокумент иақәшаҳаҭхароуп 113ҩык адепутатцәа. Уажәазы  «Ақырҭуа гәахәтәы» апарламент аҿы  90ҩык адепутатцәа рымоуп, убри аҟынтә, алхратә бариер аларҟәразы, аоппозициатә депутатцәа рыдгылара рҭаххоит, уажәазы абаикот ҟазҵо аоппозициатә партиақәа рдепутатцәагьы инрылаҵаны.