Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгараҭара ареформа иалагоит
Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгараҭара ареформа иалагоит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала, адунеитә економикатә кризис аан аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгараҭара ареформа алагара аҵакы ду амоуп.

Иара ишиҳәаз ала,  аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгараҭаратә система аиҭакразы  еиҿкаахоит агәыҧ ҷыда, уи дахагылоит афинансқәа рминистр Иване Маҷавариани.

«Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгараҭара асистема – акорпоративтә напхгараҭара иреиҕьу аҿырҧштәқәа иреиҧшзароуп, абри ауп ҳара хықәкыс иҳамоу. Ҳара ҳҭаххара мацара акәӡам аус злоу, ҳтәыла аекономикатә ҭагылазаашьеи аглобалтә економикатә кризиси иазҧхьагәаҭаны, абри ареформа хымҧада имҩаҧгатәуп.  Ҳара ари апроцесс ҳалагоит Қырҭтәыла  Аҳәынҭқарратә енергосистема ала. Иахьа  абри аҳәынҭқарратә коммерциатә еилахәыра Ахылаҧшратә хеилак аилазаашьа ҳалацәажәоит.

Уи адагьы, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгараҭаратә система аиҭакразы  еиҿкаахоит аусуратә гәыҧ ҷыда, уи дахагылоит афинансқәа рминистр Иване Маҷавариани.  Ҳара егьырҭ аусбарҭақәагьы ҳарзааҭгылоит. Аконкреттә план еиқәҳаршәоит», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.