Аҳақьым Нино  Гогоришвили -  2020 шықәсазы Саакашвили  Covid ихигеит, ацәымзымкра амшала апсихотроптә препаратқәа ирҭон, адозақәа зегьы хәыҷын
Аҳақьым Нино  Гогоришвили -  2020 шықәсазы Саакашвили  Covid ихигеит, ацәымзымкра амшала апсихотроптә препаратқәа ирҭон, адозақәа зегьы хәыҷын

Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили иҳақьым Нино Гогоришвили лҳәамҭала, 2020 шықәсазы Саакашвили  Covid ихигеит, ацәымзымкра амшала апсихотроптә препаратқәа ирҭон, адозақәа зегьы хәыҷын . Гогоришвили ажурналистцәа ари атәы ирзеиҭалҳәеит Гортәи агоспиталь аҿы.

Гогоришвили иацы ацентр «Емпатиа»анапхгаҩы Мариам Джишкариани иҟалҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит. Джишкариани ишылҳәаз ала, «апенитенциартә усбарҭаҿы Саакашвили апсихотроптә препаратқәа ирҭон. Арҭ апрепаратқәа ииашамкәа рхархәара афармакологиатә аргәаҟроуп».

«2020 шықәсазы Саакашвили  Covid ихигеит, ацәымзымкра амшала апсихотроптә препаратқәа ирҭон, адозақәа зегьы хәыҷын. Ҳара  уаанӡагьы ихы иаирхәоз апреператқәа иазҧхьагәаҭаны аӡбара ҳадаҳкылеит. Ацәымзымкра иахьагьы даргәамҵуеит.

Еиҭасҳәар сҭахуп, аминималтә доза иоуан.  Ахәшәтәратә курс ириашатәызар, даҽа специалистк даагатәызар, дааҳгоит. Специалистк игәаанагар иҳәар иҭахызар, ателехәавҧшрала акәымкәа, абрахь дааны иҳаиҳәиит. Ҳгәаанагарақәа еибаҳҳәап, ак ириашатәызар, иҳариашап. Мариам Джишкариани лкомиссиеи Аҳәынҭқарратә комиссиеи еиқәшаҳаҭхеит, реиқәшаҳаҭра ашьаҭалоуп апрепаратқәа шидикыло», — илҳәеит Михаил  Саакашвили иҳақьым.