Абжьқәа 20% рыԥхьаӡара инақәыршәаны аԥхьагылара амоуп Никол Ԥашиниан ипартиа
Абжьқәа 20% рыԥхьаӡара инақәыршәаны аԥхьагылара амоуп Никол Ԥашиниан ипартиа

Абжьқәа 20% рыԥхьаӡара инақәыршәаны Шәамахьтәыла имҩаԥгаз изаамҭаным апарламенттә алхрақәа рҿы 58.49% рыла  аԥхьагылара амоуп Никол Ԥашиниан ипартиа “Атәылауаҩратә еиқәшаҳаҭра”. Ари атәы аанацҳаит Шәамахьтәыла ацентртә алхратә комиссиа.

Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит ԥасатәи ахада Роберт Қочариан иблок “Шәамахьтәыла” – 18.63%.

Шәамахьтәыла ацентртә алхратә комиссиа адыррақәа рыла, ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит даҽа ԥасатәи ахада Серж Сарқсиан иблок  – 5.36% .

Гагик Ҵарукиан ипартиа абжьқәа 4.90% аиуит.