Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ  - Аҭырқәа аган иаҵшьны иазгәарҭеит Долисҟани аныхабаа ааигәара ашьышьмаҭрақәа рыргылара ишақәшаҳаҭымхо
Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ - Аҭырқәа аган иаҵшьны иазгәарҭеит Долисҟани аныхабаа ааигәара ашьышьмаҭрақәа рыргылара ишақәшаҳаҭымхо

Аҭырқәа аган иаҵшьны иазгәарҭеит Долисҟани аныхабаа ааигәара ашьышьмаҭрақәа рыргылара ишақәшаҳаҭымхо, –  иҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Гьаргь Џьанџьҕава  Тао-Кларџьеҭи, ақырҭуа ныхабааҿы ашьышьмаҭрақәа рыргылара иадҳәаланы аларҵәара зауз аинформациа даналацәажәоз.

„Асоциалтә аҳаҿы афотоҭыхымҭақәа аналадырҵәа ашьҭахьҵәҟьа, иаха  Ҭырқәтәыла акультуреи атуризми рминистрра акультуратә ҭынхареи амузеиқәеи ргенералтә директор ихаҭыҧуаҩи  ареставрациатә усбарҭа аиҳаби ҳрыдҵаалт. Аҭырқәа аган ишырәҳаз ала,  урҭ  Долисҟана аныхабааҿы ашьышьмаҭрақәа рыргылара иазкны аинформациа рымам, ха ажәа ҳарҭеит ари азҵаара хымҧада ишҭырҵаауа. Аҭырқәа аган иаҵшьны иазгәарҭеит Долисҟани аныхабаа ааигәара ашьышьмаҭрақәа рыргылара ишақәшаҳаҭымхо”, –  иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.

Тао-Кларџьеҭи, 10тәи ашәышықәса иаҵанакуа ақырҭуа ныхабааҿы ашьышьмаҭрақәа рыргылара иазку аинформациа иацы иалаирҵәеит  аҭоурыхҭҵааҩ Буба Кудава.