Ҭырқәтәыла анеиразы аныҟәаҩцәа аелектронтә анкета хадырҭәаароуп
Ҭырқәтәыла анеиразы аныҟәаҩцәа аелектронтә анкета хадырҭәаароуп

Ҭырқәтәыла анеиразы аныҟәаҩцәа аелектронтә анкета хадырҭәаароуп. Ари арегулиациа амч аиуеит хәажәкыра 15 рзы.

Атәыла Агәабзиарахьчара аминистрра авебдаҟьаҿ иҟоу аелектронтә форма хадырҭәаароуп Ҭырқәтәыла рнеира 72 сааҭ шагу рдыррақәа арбаны.

Ҭырқәтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Ҭырқәтәыла аҳәаахьчаҩцәа анкета гәарҭоит. Анықәаҩ анкетаҿ ииашам адыррақәа ааирԥшыр, административтё санкциақәа иқәҵахоит.