Зхы иақәиҭу ақәҧара | Константин Петриашвилии Давиҭ Ҷеҷелашвилии 20 шықәсанӡа зхыҵуа ақәҧаҩцәа рыгәҭа адунеи ачемпионцәахеит #1TVSPORT
Италиа имҩаҧысуа 20 шықәсанӡа зхыҵуа ақәҧаҩцәа рыгәҭа адунеи ачемпионатаҿ Константин Петриашвилии (97 кг.) Давиҭ Ҷеҷелашвилии (79 кг.) ахьтәы медальқәа ргеит.
Ника Зангалаӡе (57 кг.) афиналаҿ даҵахан, араӡнытә медаль игеит. Иахьа афиналтә блокаҿ аџьазтә медаль игеит Гога Оҭинашвили (70 кг.).
Мышқәак раҧхьа ихыркәшаз абырзен-римтәи ақәҧаразы Европа аҿартә чемпионатаҿ Қырҭтәыла аизга ахьтәы 3 медальки аџьазтә 4 медальки аиуит. Ичемпионцәахеит Алеқсандр Руситашвилии, Анри Ҧуҭқараӡеи, Лука Қочалиӡеи. Аџьазтә медальқәа ргеит Вахтанг Лолуеи, Анри Хозреваниӡеи, Коба Қарумиӡеи, Саба Ҧурцелаӡеи.
Ари ачемпионатаҿ Қырҭтәыла аизга агәыҧтә актәи аҭыҧ ааннакылеит.