Зураб Азарашвили ишиҳәаз ала, акоронавирус ачымазара амшала ахәышәтәырҭақәа ирҭарҵо апациентцәа рхыҧхьаӡара маҷхеит 20 инаркны 4,5 наӡынанӡа
Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Зураб Азарашвили ишиҳәаз ала, акоронавирус ачымазара амшала ахәышәтәырҭақәа ирҭарҵо апациентцәа рхыҧхьаӡара маҷхеит 20 инаркны 4,5 наӡынанӡа.
Аминистр иажәақәа рыла, уажәазы ақәыҕәҕәара хада рымоуп онлаин-клиникақәа.
«Ари апроцесс астудентцәагьы алахәып. Дара ауниверситет абазаҿы аус руеит, акоронавирус ҿызкааз ауаа аконсультациақәа рырҭоит. Иара убас, аҩны аҽыхәышәтәра иазку аинформациатә консультациатә видеонҵамҭа аужьҭра ҳгәы иҭоуп. Егьырҭ атәылақәа рҿы ари акампаниа алҵшәа бзиа ахылҵит. Ишаабо ала, Омикрон абжьааҧнытә асезонтә грипп еиҧшуп, убри аҟынтә, ауаа аҩны иҟарҵаша рдыруазароуп. Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы зквалификациа ҳараку аҭаацәаратә ҳақьымцәеи аколл-центрқәа роператорцәеи рхыҧхьаӡара ацаҳҵеит. Атәылаҿы авакцинақәа иҟоуп, авакцинациа апроцесс ирҭбатәуп. Арегионқәа рҿы 30 – 40 раҟара амобилтә гәыҧқәа аус руеит, дара ақыҭақәа рышҟа инеины, ауаа аҭыҧаҿы алаҵақәа рзыҟарҵоит», — иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр.