Зураб Азарашвили иҳәамҭала, атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, аҧкрақәа рышьақәыргыларазы амзызқәа иҟам
Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Зураб Азарашвили ишиҳәаз ала, атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, аҧкрақәа рышьақәыргыларазы амзызқәа иҟам.
«Авирус аҿкаара афактқәа иҟоуп, аха, ҳгәамҵратәы амзызқәа ҳамам. Астационараҿ ахәышәтәра зҭаху ауаа агоспитальҿы иҳашәтәуеит. Мызқәак раҧхьа апрепарат «Паксловид» ааҳгеит, уигьы ҳамоуп. Аинфекционистцәа ишырҳәо ала, атәылаҿы ашәарҭара иҟам. Аҧкрақәа рышьақәыргыларазы амзызқәа ҳамам» — иҳәеит аминистр.