Зураб Азарашвили иҳәамҭала, аҽыҧхьакра аҿҳәара 5 мшы аҟынӡа еиҵартәыр ҟалап
Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Зураб Азарашвили иҳәамҭала, аҽыҧхьакреи акарантини аҧҟарақәа рыҧсахра аштамм «Омикрон» ахьанҭара иахьыҧшуп, аҽыҧхьакреи акарантини аҿҳәара 12 мшы аҟынтә 8 мшы аҟынӡа еиҵартәыр ҟалап.
«Егьырҭ атәылақәа рҧышәа ҳахәаҧшыр, аҿҳәарақәа реиҭахәаҧшра ҳалшоит, избанзар, иаҳҳәап, Америка, 8 мшы акәымкәа, 5 мшы хымҧадатәи акарантин рылаҳәоуп», — иҳәеит Зураб Азарашвили.