Зураб Азарашвили – Атәанчаҩцәа рзы акредити урҭ рымаҵзуреи еиҳа имариахоит
«Атәанчуаа рзы акредити абанктә маҵзуреи рыхә мариахоит», — иҳәеит Қырҭтәыла аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә аиқәыршәареи рзы аминистр Зура Азарашвили аиҳабыра реилатәараҿы.
Иара иажәақәа рыла, иахьа ихыркәшаз атендер аҿы аиааира агеит «Либерҭи Банк».
«Иахьа ихыркәшаз атендер аҿы ҳтәынчуаа рзы аҭагылазаашьақәа еиҕьуп. Аиааира агеит «Либерҭи Банк», ари абанк кыршықәса рыҩныҵҟа атәанчуаа рымаҵ ауеит. Уи аҵакы ду амоуп, избанзар, дара иаҭаху аҧышәеи аинфраструктуреи рымоуп. Аҭагылазаашьа ҿыц инақәыршәаны, атәанчуаа акредитқәа рырҭоит арефинансыркра ала, анаӡынатә хәҭа +15% еиҳахом, иахьазы атәанчуаа акредит азы иршәараны иҟоу анаӡынатә хәҭа зынӡа 25,8% иаҟароуп, уаанӡа иҟаз 30,6% рцынхәрас», — иҳәеит Зураб Азарашвили.