Зураб Азарашвили – Аполитикцәа украинатәи ахҵәацәа рызҵаарала ахәаахәҭра иаҟәыҵроуп, ахҵәацәа реиҳара иахәҭоу ацхыраара роуеит
Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Зураб Азарашвили иҳәамҭала, аҳәынҭқарра украинатәи ахҵәацәа ирыцхраауеит, аҭаацәара цыҧхьаӡа есымза 300 лари ацхыраара роуеит.
Аминистр иажақәа рыла, ахҵәацәа реиҳара асасааирҭақәа ирыҩныҵхьеит, дара аҳәынҭқаррантә ироуа ацхыраарала ауадақәа кьырала ргар рылшоит.
«Украинатәи ахҵәацәа еиуеиҧшым атәылақәа рҿы иҟоуп. Ҳара атәылақәа зегьы рҧышәа аабеит. Ҳара атәыла аҩныҵҟагьы ҳхатә ахҵәацәа ҳамоуп, убри аҟынтә, ахҵәацәа зегьы еиҟараны ацхыраара роуроуп. Ауадақәа қьырала ргаразы аҧара рзоуҳашьҭуеит, иара убас, ахҵәа цыҧхьаӡа есымша 45 лари ацхыраара иоуеит. Убри аҟынтә, ари азҵаарала ахәаахәҭреи аполитикатә ашьаҭа аҭареи ҟалом. Ари азҵаара аҳәынҭқарра аасҭа дара иаргәамҵуашәа аазырҧшыр зҭаху аполитикцәа апровокациақәа ирҟәаҵырц ирыбжьазгоит», — иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр.