Зураб Азарашвили – Анеҩстәи ҩышықәса рыла аҳәынҭқарра хыҵакырҭак змам, ахылҵ рацәа змоу 1000 аҭаацәарақәа анхарҭақәа рыла еиқәнаршәоит
Зураб Азарашвили – Анеҩстәи ҩышықәса рыла аҳәынҭқарра хыҵакырҭак змам, ахылҵ рацәа змоу 1000 аҭаацәарақәа анхарҭақәа рыла еиқәнаршәоит

«Анеҩстәи ҩышықәса рыла аҳәынҭқарра хыҵакырҭак змам, ахылҵ рацәа змоу 1000 аҭаацәарақәа анхарҭақәа рыла еиқәнаршәоит», — иҳәеит Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр  Зураб Азарашвили.

Иара иажәақәа рыла, апроект иалагоит  2024 шықәсазы,  2025 шықәса анҵәамҭанӡа зыӡбахәы ҳәоу аҭаацәарақәа анхарҭақәа роуеит.

«Абри апроект бзиеи аинициативеи аҧыза-министр итәуп. Ҳминистрра ари аус аиқәыршәара адырҵеит, избанзар ҳара ари аганахьала аҧышәа ду ҳамоуп. Ҩышықәса инагӡахо апроект аҩныда иҟоу, ахылҵ рацәа змоу  аҭаацәарақәа ирызкуп.  Апроект  50 миллион лари абиуџьет амоуп.  2025 шықәса анҵәамҭанӡа арҭ аҭаацәарақәа анхарҭақәа роуеит», — иҳәеит  Зураб Азарашвили.