Зураб Азарашвили - 2023 шықәса инаркны ачымазара лаҽқәа рзы ахәшәқәа рфинансыркра азҳауеит 50 миллион лари аҟынӡа
2023 шықәса инаркны ачымазара лаҽқәа рзы ахәшәқәа рфинансыркра ҩынтә азҳауеит, 50 миллион лари аҟынӡа иҭыҵуеит, – иҳәеит Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Зураб Азарашвили ателееилахәыра «Имеди» аефираҿ.
Азарашвили, абиуџьет аизырҳара абзоурала атәылауаа зегьы ироуа азинҷыдақәа дрылацәажәеит.
«Уажәазы ҳуааҧсыра ачымазара лаҽқәа рзы амалаҳа апҭекақәа рҿы ироуа ахәшәқәа ирзоушьҭуп 24 миллион лари. 2023 шықәса ажьырныҳәа инаркны арҭ ахәшәқәа рзы ареференттә ахқәа шьақәҳаргылоит. Уи абзоурала, иахьа уажәраанӡа иҟаз 24 миллион лари афинансыркра аҳәаақәа ирҭагӡаны иаҳа ирацәаны ахәшәқәа аҧара рзоушьҭра ҳалшоит. Убри адагьы, 2023 шықәса инаркны ачымазара лаҽқәа рзы ахәшәқәа рфинансыркра ҩынтә азҳауеит, 50 миллион лари аҟынӡа иҭыҵуеит. Убри аҟынтә, иаҳа ирацәаны ауааҧсыра иаҳа ирацәаны ахәшәқәа роур рылшоит», — иҳәеит Зураб Азарашвили.
Ари аинформациа аланарҵәеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.