Зураб Абашиӡе Григори Карасин иҟны онлаин-аиҧылараҿы ишааицҳаз ала, ақырҭуа аган 3 + 3 аформат алахәызаара азҵаара иахәаҧшуам
Иаҳьа, абҵара 24 рзы, ақырҭуа – урыстәылатәи иформалым адиалог аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәылатәи афедерациаҟны аизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа рзы Қырҭтәыла аҧыза-министр ихаҭарнак ҷыда Зураб Абашиӡеи Урыстәыла Афедерациа Ахеилак адәныҟатәи азҵаарақәа рзы акомитет аицхантәаҩы Григори Карасини онлаин аформат аҿы еиҿцәажәеит. Ари атәы аанацҳаит Қырҭтәыла аиҳабыра рпресс-маҵзура.
Адырра ишану ала, аиҧылара рхы аладырхәит ҩ-тәылак рдәныҟатәии ртранспорттәи усбарҭақәа рхаҭарнакцәагьы. Аганқәа рхаҭарнакцәа ахәаахәҭра-економикатәи, атранспорттәи, агуманитартәи еизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит. Иара убас, Зураб Абашиӡе иазгәеиҭеит Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҟны агуманитартә ҭагылазаашьа аицәахареи, ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара афактқәеи, ауаа закәандарала раанкылареи, арегионқәа рыҩбагьы рмилитаризациа аизырҳареи. Ишазгәаҭаз ала, Женеватәи аиҿцәажәарақәа ашәарҭадареи агуманитартә зҵаарақәеи рылацәажәаразы ахадаратә форматуп.
Иара убас, урыстәылатәи аган ахаҭарнакцәа интересс ирыман ақырҭуа аган арегионалтә консультациақәа амеханизм ҿыц (3 + 3) ишазныҟәо. Зураб Абашиӡе ишиҳәаз ала, ақырҭуа аган зыӡбахәы ҳәоу аформат алахәызаара азҵаара иахәаҧшуам.
Прагатәи аформат аҿы анеҩстәи аиҧылара амҩаҧгара арыцхә еилкаахоит ҧыҭраамҭак ашьҭахь.