Звиад Габисониа — Хазхаҭалатәи азыҟаҵаҩцәеи аҭаацәеи реизыҟазаашьақәа ҳкомпетенциа иаҵанакәам
Хазхаҭалатәи азыҟаҵаҩцәеи аҭаацәеи реизыҟазаашьақәа ҳкомпетенциа иаҵанакәам. Уи арҵаҩратә усура аҳасабала узахәаҧшуам, ари ахырхарҭала иҟоу аҧкрақәа дара ирыдкьыслом, — иҳәеит Қырҭтәыла аҵара аминистр ихаҭыҧауаҩ Звиад Габисониа.
Иара иҳәамҭала, ақырҭуа аҵаратә закәанҧҵараҿы хазхаҭалатәи азыҟаҵаҩ адефинициа иҟам.
««Акоррупциа аҿагылара иазку» азакәан аҿы иацҵаны аусура ахьыҟало аусхкқәа ҳәаақәҵоуп. Урҭ иреиуп аҵарадырра-арҵаҩратә усура. Арҵаҩцәа, академиатәи аҵарадырратәи гәыҧқәа рхаҭарнакцәа, иацҵаны аҵарадырратәи арҵаҩратәи усура мҩаҧыргар рылшоит, аусураҭаҩ уи азы азин риҭазар.
Иара убас, иазгәаҳҭар ҳҭахуп иаку амилаҭтә ҧышәарақәа рзы аҽазыҟаҵара иазку аҵаратә центрқәеи атәым бызшәақәа ркурсқәеи шыҟоу. Арҭ аизыҟазаашьақәа ашәҟәы иҭагалазар, дара аҩыратә аилаӡара рымазар, ҳәарада, убасҟан азакәан аҭагылазаашьақәа зегьы амч рымазаауеит, дара аусураҭаҩ иҩыратә ақәшаҳаҭхара цәырыргар акәхоит», — иҳәеит Звиад Габисониа.