Жозеп Боррель - Уаҵәы Қырҭтәыла аԥыза-министр ҿыц ҳиԥылоит, иара иахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Европатәи амҩа аус адулара наигӡарц
Жозеп Боррель - Уаҵәы Қырҭтәыла аԥыза-министр ҿыц ҳиԥылоит, иара иахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Европатәи амҩа аус адулара наигӡарц

Уаҵәы Қырҭтәыла аԥыза-министр ҿыц ҳиԥылоит, иара иахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Европатәи амҩа аус адулара наигӡарц, – ааицҳаит Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак, Еврокомиссиа вице-ахада Жозеп Боррель.

Борель азҵаара изықәдыргылеит Қырҭтәыла аԥыза-министр ҿыц Иракли Кобахиӡе иахь иҟарҵо ашьҭымҭа зада иазкны

„Урҭ аус ибӡианы ируеит, ақырҭуа жәлар рҟынтә адгылара ду иҟоупю Ари Қырҭтәылазы ибзиоу алшароуп“, – иҳәеит Боррель.

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе актәи авизитла Бриуссель ддәықәлеит. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥыза-министр Евроеидгылеи Натои рҿы ҩганкалатәи аиԥыларақәа мҩаԥигоит.