Жозеп Боррель  -  Қырҭтәыла аполитикатә мчқәа аҧызара анаадырҧшыша аамҭа ааит
Жозеп Боррель  -  Қырҭтәыла аполитикатә мчқәа аҧызара анаадырҧшыша аамҭа ааит

 

 

«Қырҭтәыла аполитикатә мчқәа аҧызара анаадырҧшыша, апарламент ахатә хаҭарнакра амазаарц алшара анарҭаша  аамҭа ааит», —  иҳәеит Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадареи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррель Евроеидгыла ахеилак аилатәара ашьҭахь имҩаҧгаз апрессконференциаҿы.  Аилатәараҿы Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Қырҭтәыла  иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит.

««Апқырҭуа гәахәтәы» иҟарҵаз аҵыхәтәантәи ажәалагала абзоурала аиқәшаҳаҭхареи, алхратә система ареформа анагӡареи, атәылаҿы асоциал-економикатә проблемақәа рыӡбареи рылшап  ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит  Боррель.