Жозеп Боррель -  Ҳара аганқәа зегьы ирыбжьаагоит атәыла аинтересқәа иазҧхьагәарҭарц
Жозеп Боррель -  Ҳара аганқәа зегьы ирыбжьаагоит атәыла аинтересқәа иазҧхьагәарҭарц

Жозеп Боррель –  Ҳара аганқәа зегьы ирыбжьаагоит атәыла аинтересқәа иазҧхьагәарҭарц

«Қырҭтәыла ҩ-ганктәи аполиаризациа иҟамзароуп, уи аиҳабыра русураҿы ирҧырхагоуп, атәылаҿы аҭышәынтәалара иҟазароуп», — иҳәеит Еврокомиссиа авице-ахадеи Евроеидгыла адәныҟаполитикатә усбарҭа анапхгаҩыи Жозеп Боррель.

Иара аполитикатә партиақәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаиҵеит атәыла аинтересқәа иазҧхьагәарҭарц.

«Абжьацәажәара апроцесс хыркәшам, уи нагӡахоит. Уи инагӡар ауп иаҳҭаху, избанзар, Қырҭтәыла ҩ-ганктәи аполиаризациа иҟамзароуп, уи аиҳабыра русураҿы ирҧырхагоуп, атәыла ҧхьаҟа ицарцаз, аҭышәынтәалара иҟазаруоп. Ҳара аганқәа зегьы ирыбжьаагоит атәылеи ақырҭуа жәлари ринтересқәа иазҧхьагәаҭаны, еиқәшаҳаҭхарц», — иҳәеит Жозеп Боррель.