Жозеф Борель - "Северный поток 2" аԥеиԥш Украина аганахьала Урыстәыла иаднакыло аӡбара иадҳәалоуп
Жозеф Борель - "Северный поток 2" аԥеиԥш Украина аганахьала Урыстәыла иаднакыло аӡбара иадҳәалоуп

“Северный поток 2” аԥеиԥш Украина аганахьала Урыстәыла иаднакыло аӡбара иадҳәалоуп, – иҳәеит Адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадареи рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу акомиссар Жозеф Борель.

Жозеф Борель Франциа, Брест ақалақь аҿы Евроеидгыла атәылахьчареи адәныҟатәи аусқәеи рминистрцәа реиԥылараан.

“Ари ҳприоритетқәа иреиуоу инфраструктураӡас, избан акәзар уи Европа аенергетикатә автономиа иаԥырхагоуп. Ари аинфраструктура аусура Украина аганахьала Урыстәыла аднакыло аӡбара иадҳәалоуп,” – иҳәеит Борель.

Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак иажәақәа рыла, Москвеи мраҭашәареи ирыбжьоу аҭагылазаашьа аескалациа ҟамлар, “Северный поток 2” аартра аӡбара адкылара европатәии германтәылатәи аиҿкааҩцәа ирусхоит.