Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд Қырҭтәыла  азышьақәнарҕәҕәеит 280 миллион адоллар иаҧсоу  апрограмма
Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд Қырҭтәыла  азышьақәнарҕәҕәеит 280 миллион адоллар иаҧсоу  апрограмма

Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрра адыррақәа рыла,  Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд Қырҭтәыла  азышьақәнарҕәҕәеит 280 миллион адоллар иаҧсоу  апрограмма.

Зыӡбахәы ҳәоу афинанстә хархәага  (Stand-By Arrangement),  абуффертә аицҵалыҵ – иаҭаххар ахархәара амазаауеит атәыла аекономиказы аҧгаҧсатә механизм ҳасабала.

Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд адыррақәа рыла, афонд аҟынтә ацхыраара змоу Қырҭтәыла аиҳабыра рпрограмма атәыла амакроекономикатә ҭышәынтәалара арҕәҕәареи арегион аҿы иҟоу апроблемақәа рфонаҿ азҳара аперспектива аизырҳареи иазкуп.