Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд 2023 шықәсазы Қырҭтәыла аекономикатә азҳара азҧхьагәаҭа азнарҳаит  5%-нӡа
Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд 2023 шықәсазы Қырҭтәыла аекономикатә азҳара азҧхьагәаҭа азнарҳаит  5%-нӡа

Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд 2023 шықәсазы Қырҭтәыла аекономикатә азҳара азҧхьагәаҭа азнарҳаит  5%-нӡа.

Иахьа ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд анапхгаҩы Џьеимс Џьон.

Иара иажәақәа рыла, сынтәа аинфлиациа Қырҭтәыла Амилаҭтә банк хықәкылатәи 3 наӡынатәи аҩаӡара аҵкыс  илаҟәызаауеит.

«2023 шықәсазы аекономикатә азҳара ахатә потенциалтә аласра иазааигәахоит  — 5% аасҭа хәыҷык еиҳахоит,  аинфлиациа Қырҭтәыла Амилаҭтә банк хықәкылатәи 3 наӡынатәи аҩаӡара аҵкыс  илаҟәызаауеит,  уи иџьбароу амонетатә политикеи иҵоуроу ареалтә анаӡынатә азыҧҵәақәеи ирыбзоуроуп.  Абри зегьы абзоурала, аинфраструктура иаҳа ирацәаны аинвестициақәа аиуеит, адунеитә економикатәи афинанстәи кониуктура еиҕьхоит. Аполитикатә ҭагылазаашьеи адунеитә економикатәи афинанстәи ҭагылазаашьеи  иазҧхьагәаҭаны, аекономикатә политика амакроекономикатәи афинанстәи ҭышәынтәалара арҕәҕәареи аструктуратә реформақәа рынагӡареи иазкызароуп», — иҳәеит Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд амиссиа анапхгаҩы.